top of page

Схьычԥаԥыр хәыҷ

Схьычԥаԥыр хәыҷ, схьычԥаԥыр хәыҷ,
Ажәҩан иалаз Анцәа хша
Схьычԥаԥыр хәыҷ, схьычԥаԥыр хәыҷ
Избан, биаҵәахә заҿдыршәаз?
Изгәаӷьыда быԥсыҭбара,
Зхала зхызаҵә згәы иҭашәаз
Игәазҭада ҳаԥсабара
Зашҳам ала ҳгәаҵҟа ԥҵәаз,
Сымаалықь хәыҷ, быԥсы цама
Жәан ииаҵәаны илашаларц,
Ашьха рҩашқәа ашәа рҳәама
Гарашәаны ибаҳаларц,
Илаӷырӡыша башьха ӡышқәа
Ҳа хҳцынхәрас бырҷаԥшьалап
Схьычԥаԥыр хәыҷ, арҩаш ҭрысқәа
Бырчча брыцушәа ҳбалап
Рымҵәыжәҩақәа ылаԥыбҵәеит
Башьцәа хәыҷқәа згәы ҭашьу
Ӷьашьа змамыз ахәра ныбҵеит
Баб имӡырха башьҭа зну
Ибхамшәалоз бангьы дбыцуп
Шәнапқәа еибаркны шәныҟәалап
Баб иҩнаҭа гәырҩа рҿыцуп
Са сымаалықь хәыҷ бымшәалан
Ашҳам цҳауа ҳадгьыл иқәлаз
Бара бҟынӡагь инаӡеит
Аԥшқа ныҟәаҩцәа, ҳара иҳақәлаз
Агыгшәыг напқәа иргеит,
Схьычԥаԥыр хәыҷ, сыԥшқа ныҟәа
Ԥсы ақәҵаз ажәҩан базцала
Агәырҩа иафаз баб иҩныҟа бырны
Зны зынла баала
Схьычԥаԥыр хәыҷ, схьычԥаԥыр хәыҷ
Ажәҩан иалаз Анцәа хша
Схьычԥаԥыр хәыҷ, схьычԥаԥыр хәыҷ
Избан, биаҵәахә заҿдыршәаз

Схьычԥаԥыр хәыҷ

Схьычԥаԥыр хәыҷ, схьычԥаԥыр хәыҷ,
Ажәҩан иалаз Анцәа хша
Схьычԥаԥыр хәыҷ, схьычԥаԥыр хәыҷ
Избан, биаҵәахә заҿдыршәаз?
Изгәаӷьыда быԥсыҭбара,
Зхала зхызаҵә згәы иҭашәаз
Игәазҭада ҳаԥсабара
Зашҳам ала ҳгәаҵҟа ԥҵәаз,
Сымаалықь хәыҷ, быԥсы цама
Жәан ииаҵәаны илашаларц,
Ашьха рҩашқәа ашәа рҳәама
Гарашәаны ибаҳаларц,
Илаӷырӡыша башьха ӡышқәа
Ҳа хҳцынхәрас бырҷаԥшьалап
Схьычԥаԥыр хәыҷ, арҩаш ҭрысқәа
Бырчча брыцушәа ҳбалап
Рымҵәыжәҩақәа ылаԥыбҵәеит
Башьцәа хәыҷқәа згәы ҭашьу
Ӷьашьа змамыз ахәра ныбҵеит
Баб имӡырха башьҭа зну
Ибхамшәалоз бангьы дбыцуп
Шәнапқәа еибаркны шәныҟәалап
Баб иҩнаҭа гәырҩа рҿыцуп
Са сымаалықь хәыҷ бымшәалан
Ашҳам цҳауа ҳадгьыл иқәлаз
Бара бҟынӡагь инаӡеит
Аԥшқа ныҟәаҩцәа, ҳара иҳақәлаз
Агыгшәыг напқәа иргеит,
Схьычԥаԥыр хәыҷ, сыԥшқа ныҟәа
Ԥсы ақәҵаз ажәҩан базцала
Агәырҩа иафаз баб иҩныҟа бырны
Зны зынла баала
Схьычԥаԥыр хәыҷ, схьычԥаԥыр хәыҷ
Ажәҩан иалаз Анцәа хша
Схьычԥаԥыр хәыҷ, схьычԥаԥыр хәыҷ
Избан, биаҵәахә заҿдыршәаз

Схьычԥаԥыр хәыҷ

Схьычԥаԥыр хәыҷ, схьычԥаԥыр хәыҷ,
Ажәҩан иалаз Анцәа хша
Схьычԥаԥыр хәыҷ, схьычԥаԥыр хәыҷ
Избан, биаҵәахә заҿдыршәаз?
Изгәаӷьыда быԥсыҭбара,
Зхала зхызаҵә згәы иҭашәаз
Игәазҭада ҳаԥсабара
Зашҳам ала ҳгәаҵҟа ԥҵәаз,
Сымаалықь хәыҷ, быԥсы цама
Жәан ииаҵәаны илашаларц,
Ашьха рҩашқәа ашәа рҳәама
Гарашәаны ибаҳаларц,
Илаӷырӡыша башьха ӡышқәа
Ҳа хҳцынхәрас бырҷаԥшьалап
Схьычԥаԥыр хәыҷ, арҩаш ҭрысқәа
Бырчча брыцушәа ҳбалап
Рымҵәыжәҩақәа ылаԥыбҵәеит
Башьцәа хәыҷқәа згәы ҭашьу
Ӷьашьа змамыз ахәра ныбҵеит
Баб имӡырха башьҭа зну
Ибхамшәалоз бангьы дбыцуп
Шәнапқәа еибаркны шәныҟәалап
Баб иҩнаҭа гәырҩа рҿыцуп
Са сымаалықь хәыҷ бымшәалан
Ашҳам цҳауа ҳадгьыл иқәлаз
Бара бҟынӡагь инаӡеит
Аԥшқа ныҟәаҩцәа, ҳара иҳақәлаз
Агыгшәыг напқәа иргеит,
Схьычԥаԥыр хәыҷ, сыԥшқа ныҟәа
Ԥсы ақәҵаз ажәҩан базцала
Агәырҩа иафаз баб иҩныҟа бырны
Зны зынла баала
Схьычԥаԥыр хәыҷ, схьычԥаԥыр хәыҷ
Ажәҩан иалаз Анцәа хша
Схьычԥаԥыр хәыҷ, схьычԥаԥыр хәыҷ
Избан, биаҵәахә заҿдыршәаз

bottom of page